|
| |
НОВОСТИ
21.03.2018
Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада Ҳаџьымба Р.Џь. 60 шықәса ихыҵит![]() АҦсны Аҳәынҭқарра Ахада ҳаџьымба Р. џь.
ҳаҭыр зқәу Рауль џьумка-иҧа! Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аколлектив гәык-ҧсыкала ишәыдырныҳәалоит шәиубилеитә рыцхә – 60 шықәса шәхыҵра амш! Шәара шәреиуоуп Аҧсны аҵеицәа хьӡырҳәагақәа. Шәыжәлар иеиқәдырхаз рыҧсадгьыли, рҭоурыхи, ркультуреи, рбызшәеи ҳаҭыр ақәҵо ҧхьаҟатәи аҧеиҧш лаша шәазхәыцуеит: аиқәырхара, арҿиара, аихаҳара, агәыбылра ашьҭыхра. Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы (1992-1993 шш.) ишәывагыланы иеибашьуази урҭ рҭаацәеи хылаҧшра рзыжәуеит. Зхы иақәиҭу ихьыҧшым ҳтәыла аҳаҭыр шьҭышәхуеит шәхатә лагалақәа рыла. Аҳәынҭарратә бызшәа – аҧсуа бызшәа аҳәаақәа шәырҭбаауеит, алшара бзиақәа азаҧышәҵоит. Ҳажәлар рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа: анажьреи аибачҳареи, ҳаҭыреиқҳҵареи аихаҵгылареи шәҟазшьала иҿырҧшыганы иаашәырҧшуеит. Шәара игәцаракны ишәымоуп, хаҭалагьы хылаҧшра азыжәуеит Аҧсуаҭҵаара аизырҳара, аҳәаақәа рырҭбаара, аҿар радыҧхьалара. Аҳәынҭқарра аргылараҿы ихадоу усны ишыҟоу азгәаҭаны еснагь ацхыраара ашәҭоит. Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәеи амшыннырцәтәи ҳџьынџьуааи ҳаибабара ацҳақәа азхышәҵоит, ҳтәылазы рылша аџьшьара аҭо ҳбызшәатә хәышҭаара иадшәыҧхьалоит, ҳаизааигәашәтәуеит, ҳаӡәкра шьақәшәырӷәӷәоит. Шәара шәҧызоуп ҳтәылаҿ еиҧш анҭыҵ инхо аҧсуа-абаза жәлар зегьы рзы. Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иҧа! Ишәзеиӷьаҳшьоит имариам, аҭакҧхықәра зцу шәус аҿы ақәҿиара бзиақәа, агәабзиара, агәамч ӷәӷәа, аихьӡара дуқәа! Ҳаҭырла, Аинститут адиректор Ашәба А. Е. |
|